Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ
Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ

Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зеқи Левенҭ Гумруқчу Қырҭтәылаҿ идипломатиатә маҵзура аҿҳәара анҵәамҭахь инеит. Уи аиҧырҵратә визит ала Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра даҭааит.

Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Мҕебришвили лиҧылеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аиҧылараҿ Гьаргь Мҕебришвили нанҳәаҽцәыббра рзы абнақәа амцы анцраз Ҭырқәтәыла ареспублика аҟынтә ироуз ацхырааразы ацҳаражәҳәаҩ иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зеқи Левенҭ Гумруқчу Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа ахәшьара ҳарак аиҭеит.

Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ ақәҿиарақәа изеиҕьаишьеит.

Агәылацәеи апартниорцәеи раҳасаб ала, зеиҧшҟамлац аусеицура ҳабжьоуп. Ҳара регионк аҿы ҳанхоит, азеиҧш шәарҭақәеи ааҧхьарақәеи ҳамоуп. Хадара ду амоуп астратегиатә министррақәа реизыҟазаашьақәа иаҳа иҭбаахар.

Даараӡа сгәы иаахәоит ҧшьышықәса рыҩныҵҟа ҧхьаҟа ицо акымкәа шьаҿақәа шыҟаҳҵаз.

Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дҟны абри еиҧш аусеицура шынашәыгӡо агәра згоит, ҽ иҳәеит Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зеқи Левенҭ Гумруқчу.