Џьорџьо Киелини: агвардиолизм ахьчаҩцәа рабиҧара ннарҵәеит
Џьорџьо Киелини: агвардиолизм ахьчаҩцәа рабиҧара ннарҵәеит

Туринтәи Иувентуси Италиа аизгеи рыхьчаҩ Џьорџьио Киелини Манчестер сити азыҟаҵаҩ хада Хосеп Гвардиола аҭакҧхықәра идиҵеит ахьчаҩцәа рдеградациа азы.

“Сгәы шаанаго ала, гвардиолизм ахьчаҩцәа рабиҧара ннарҵәеит. Урҭ аҿагылаҩцәа раанкылара рылшом.

Ахәмарра италиатәи атрадициа ахьчаҩцәа рыла идырын, урҭ аҿагылаҩцәа раанкылара ирылшон. Италиа иҕәҕәоу ақәлаҩцәа аҭахуп аҧхьагылара аиуразы, аха ахәмарраҿ ахьчаҩцәагьы ароль хада нарыгӡоит,” -иҳәеит Киелини.