Урыстәыла арратә машьынарныҟәцаҩцәа импыҵахалоу  Аҧсны иазыҟарҵеит
Урыстәыла арратә машьынарныҟәцаҩцәа импыҵахалоу Аҧсны иазыҟарҵеит

“700-ҩык рҟынӡа арратә техника арныҟәаҩцәа Аҧсны азыҟаҵарақәа ирхысит” ҳәа азгәеиҭоит Импыҵахалоу  Аԥсны  иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Импыҵахалоу Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аррамаҵзурауаа тревогала ршьапы иқәыргылан, аҽазыҟаҵаратә комплексқәа ирхыжьын. Аҵаратә зыҟаҵарақәа инарықәыршәаны 700-ҩык рҟынӡа арратә техника арныҟәаҩцәа Аҧсны азыҟаҵарақәа ирхысит.

Астафьев иажәақәа рыла амашьынарныҟәцаҩцәа ашьхатә ӡиасқәа, ахаҳәҿыбгаррақәа, ахыҵәрырақәа, аҭҳәаақәа уҳәа реиԥш иҟоу аҧсабаратә ҧынгылақәа ирхысит.1

Хәымз рыҩныҵҟа арратә машьынарныҟәцаҩцәа импыҵахалоу Аҧсны азыҟаҵарақәа ихрыжьуан. Азыҟаҵарақәа реиҳарак мҩаҧыргон уахынланы.

Ампыҵахалаҩцәа рырратә база амашьынарныҟәцаҩцәа рыхәҭа аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргон аполигонқәа “Ҵабал”, “Нагвалоу”, “Молькино”, “Майкопский” рҟны.

Амашьынарныҟәцараз азшьақәа рырҭараны иҟоуп зхысра уадаҩу аҭыԥқәеи амҩақәеи рҟны арратә штаттә техника арныҟәцаразы.

Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 700-ҩык инарзынаҧшуа Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 100 инареиҳаны арратә техника, ирхысын 100 000 километра рҟынӡа амҩақәа. Убри аан ахархәара рыҭан ҳаамҭазтәи акәылӡтәи техника БТР-82М, атанкқәа Т-72Б3, автомашьынақәа КамАЗ, УАЗ, ГАЗ, аимадара амашьынақәагьы абрахь иналаҵаны.