Панкистәи Мурад Марговшили атеррористцәа рсиа данырҵеит
Панкистәи Мурад Марговшили  атеррористцәа рсиа данырҵеит

Панкистәи Мурад Марговшили (Абу-Муслим Аль-Шишан) Қырҭтәыла афинанстә мониторинг маҵзура аӡбара ала, атеррористцәа рсиа данырҵеит.

Иашьашәалоу адокумент азакәанҧҵаратә ”Мацне” ианылахьеит. Маргошвили Аль-Қаида аимадарақәа имоуп ҳәа иҧхьаӡоуп.

Адокумент ала, Маргошвили Шьамтәылаҿ Исламтәи аҳәынҭқарра аиҿкаара хықәкыс измоу аиҿкаара Jabhat al-Nusrah далоуп.

Мурад Маргошвили Шьамтәыла 2012 шықәса инаркны деибашьуеит. ЕАШ 2014 шықәсазы иареи Ҭархан Баҭирашвилии атеррористцәа рдиа ианырҵеит. Маргошвили Урыстәыла Аинтерпол асиагьы дануп. Иаарту ахыҵхырҭақәа рдыррақәа рыла, уи Чечентәылеи Даҕьсҭани арратә операциақәа дрылахәын.

Қырҭтәыла афинанстә мониторинг маҵзура изакәаным ақьарқәа рлегализациа аҿагыларазы шьақәнаргылеит атеррористцәеи атерроризми ирыдгыло ахаҿқәа рсиа.