Каха Калаӡе инапынҵақәа рынагӡара абҵара 13 рзы далагоит
Каха Калаӡе инапынҵақәа рынагӡара абҵара 13 рзы далагоит

Азакәанпҵара инақәыршәаны, ҿыц иалху ақалақь ахада Каха Калаӡе абҵара 12 рзы  азинмчу иоуит.  Абҵара 13 инаркны Каха Калаӡе инапынҵақәа рынагӡара далагоит.

Арҭ адыррақәа аланарҵәоит Қарҭ ахадара.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, Қырҭтәыла аоргантә закәани Алхратә закәанеидкылеи рыла, ҿыц иалху ахада инапынҵақәа рынагӡара далагоит Ацентртә алхратә комиссиа алхрақәа аихшьаалатә протокол ашьақәгылара алхрақәа 11 мш рышьҭахь

«Ацентртә алхратә комиссиа  аихшьаалатә протокол  абҵара 1 азы ицәырган. Убри аҟынтә ҿыц иалху ахада азинмчы абҵара 12 рзы иоуоит.  Рҭыҧқәа аанрыжьуеит ҧыхьатәи ахадеи, ихаҭыҧуааи, араионқәа рнапхгаҩцәеи», — иаҳәоуп аусбарҭа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿ.