Жок аӡбарала, 2018 шықәсазы имҩаҧысран иҟоу аолимпиадаҿ Урыстәыла агимн нарыгӡом – NY Times
Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет 2018 шықәсазы имаҩаҧысран иҟоу аӡынтәи Аолимпиадаҿ Урыстәыла агәыҧ аҽалархәра азҵаара иазку аӡбара рыдрымкылеит, аха Урыстәыла аизга аспортсменцәа Аолимпиада аҽалархәра азин егьроур, урҭ асанкциа цәгьақәа рзышьақәдыргылоит. Аолимпиатә комитет анапхгаҩцәа ахьырхәра акымкәа авариантк иахәаҧшуеит – Урыстәыла аизга Аолимпиада аартра ацеремониашҟа инармышьҭуам/ма Аолимпиадаҿ Урыстәыла агимн анагӡара аӡин рырҭом.
2018 шықәсазы имҩаҧысран иҟоу аӡынтәи Аолимпиадаҿ Урыстәыла аолимпиатә аизга рҽалархәра иазку аӡбара Жәларбжьаратәи аолимпаитә комитет ҧхынҷкәын алагамҭаӡы аднакылоит.
Арҭ асанкциақәа, 2014 шықәсаӡы Шәача имҩаҧысыз аолимпиадаҿ, аҳәынҭқарратә аҩаӡараҿ аҭыҧ змаз адопинг система иадҳәалоуп.