ЕАР - 2017 шықәсазы Афганистан аопиум аарыхра 87 %-ла иазҳаит
ЕАР - 2017 шықәсазы Афганистан аопиум аарыхра 87 %-ла иазҳаит

2017 шықәсазы Афганистан аопиум аарыхра 87 %-ла иазҳаит. Ари арекордтә рбагоуп. Абларкыга иахьеиҭаҳау аҵакырадгьыл 328000 гектар иаҟароуп. Абри еиҧш астатистика аланарҵәеит Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара.   Абларкыга иахьеиҭаҳау аҵакырадгьыл 63%-ла иазҳаит. Иашьашәалоу адыррақәа иаарҧшуп Анаркотикқәеи ацәгьауреи рызҵаарақәа рзы ЕАР аҟәша есышықәсатәи аҳасабрбаҿ.

Аҳасабрба инақәыршәаны, Афганистан аопиум ааглыхра егьырҭ арегионқәа рахьгьы иарган, уажәы анаркотикқәа раарыхра 24 регионқәа рҿы иаҿуп.

Абларкыга зегь реиҳа ирацәаны еиҭаҳауп Афганистан ладахьтәи ахәҭаҿы, Ҳелмандтәи апровинциаҿ, уа абларкыга 144 гектар аҿы еиҭаҳауп. Аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит Кандагар  –  28 000 га.