Аоперациа ҷыда Ҧониҷалаҿ  - даанкылоуп анаркореализатор
Аоперациа ҷыда Ҧониҷалаҿ - даанкылоуп анаркореализатор

Ҵаҟатәи Ҧониҷалаҿ имҩаҧгаз аоперациа ҷыдаан даанкылоуп анаркореализатор, – Актәи аканал ахь ари атәы аарыцҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррантә.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аоперациа ҷыда Ҵаҟатәи Ҧоничалаҿ иахьа шьыжьшаанӡа мҩаҧысит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрр аинформациа инақәыршәаны, ашьаус хацыркуп Ашьауҕазакәанеидкыла 260-тәи ахәҭаҷ ала – анаркотикатә маҭәашьар изакәанымкәа аҟаҵареи, аахәареи, аиагареи, аҭииреи.