Барселонаҿ астудентцәа аихамҩатә рельсқәа рҿы аҧкрақәа дыргылеит, адәыҕбақәа реиҭаҵра 5 сааҭк рыла иаанкылан.
Каталониаҿ азабастовка мҩаҧысуеит. Акциа аиҿкааҩцәа ахьҧшымра иалгыло азанааҭеидгылақәа роуп. Уаанӡа азабастовка алахәылацәа ақалақьқәа рымҩақәа дыркит, урҭ иреиуан Франциеи Испаниеи рахь ицо амҩақәагьы.
Адемонстрантцәа арегионтә аиҳабыра ҧыхьатәи алидер, Карлес Пуичдемони ҧшьҩык ҧыхьатәи аминистрцәеи рамхреи раанкылареи апротест азыруоит.