Михаил Ҟавелашвили Аҩадатәи Македониа Ассамблеиа ахада Африм Гаши диҧылеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Қавелашвили Аҩадатәи Македониа Ассамблеиа ахада Африм Гаши диҧылеит. Ахада иадминистрациа адыррақәа рыла, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Аҩадатәи Македониеи рпартниортә еизыҟазаашьақәеи ҩ-ганктәи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра рызун аекономикеи, ахәаахәҭреи, аимадареи, аҵареи, акультуреи, ажәларқәа рыбжьара аимадареи рхырхарҭала аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа.
Аиҧылара алахәылацәа Амшын еиқәа арегиони Мраҭашәаратә Балканқәеи рыбжьара аимадара аиқәыршәара аҵаки, ишәарҭам игәрагоу амаршрутқәеи аекономикатә корридорқәеи рҿиара иадҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит.
Михаил Ҟавелашвили Африм Гаши ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҩадатәи Македониа ала Қырҭтәыла асуверенитети аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, азхаҵамра аполитикеи адгыларазы. Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Аҩадатәи Македониеи наҟ-наҟгьы қәҿиарала аусеицура нарыгӡап ҳәа дгәыҕуеит.