Иракли Кобахиӡе Колумбиатәи ауниверситет апрофессор Џьеффри Сақс диҧылеит

18:00, 28.06.2026

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иаҭааиз  Колумбиатәи ауниверситет апрофессор Џьеффри Сақс диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәеи, Қырҭтәыла аинвестициатәи атуристтәи потенциали, иара убас, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла атәылаҿы иҟоу апрогресси ирылацәажәеит.  

Иаҵшьны иазгәаҭан арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ацхраара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рҽазышәарақәа.  

Аиҧылара рхы аладырхәит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании. 

Еиԥшу