Гьаргь Гваракиӡе — 2025 шықәсазы анаркотикқәа рыҭиҩцәа раарҧшраеи рыцәгьауратә аимадарақәа реилыргареи апрактика еиҕьхеит

11:19, 24.06.2026

“ 2025 шықәсазы анаркотикқәа рыҭиҩцәа раарҧшраеи рыцәгьауратә аимадарақәа реилыргареи  апрактика еиҕьхеит.  Ацәгьауратә аҳа иацхраауаз ауаа рзы иџьбароу ашьауҕа-азинтә политика мҩаҧысуеит. Аҳаәа иахысуа аҭааҩцәа хшыҩзышьҭра ҷыда рызуп”, — иҳәеит Қырҭтәыла апрокурор хада Гьаргь Гваракиӡе 2025 шықәсазы апрокуратура аусура иазку аҳасабырба апарламентаҿ анцәыригоз.

Иара иажәақәа рыла, анаркотикқәеи егьырҭ иқәиҭыму амаҭашьарқәеи Қырҭтәылаҟа раагара апревенциатә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны,  2025 шықәсазы ацәгьаурақәа раарҧшра арбагақәа еиҕьхеит.

«Анаркотикқәа рхарахәаҩцәа рхыҧхьаӡара иацлеит, аха, уезгьы, апрокуратура дара рзы абаланс зызу аполитика мҩаҧнагон, рресоциализациеи реиҭашьақәыргылареи иацхрааша ахьырхәра рырҭон», — иҳәеит Гьаргь Гваракиӡе.

 

Еиԥшу