Зураб Џьаҧариӡе азинда аекономикатә усура амҩаҧгаразы 2000 лари ахараҧса иқәырҵеит
Зураб Џьаҧариӡе азинда аекономикатә усура амҩаҧгаразы 2000 лари ахараҧса иқәырҵеит

Апартиа «Гирчи» алидер   Зураб Џьаҧариӡе азинда аекономикатә усура амҩаҧгаразы 2000 лари ахараҧса иқәырҵеит. Иаха иара, азин имаӡамкәа,  Қарҭ, Аҕмашенебели имҩаду аҿы абар ааиртит.

Зураб Џьаҧариӡе ишиҳәаз ала, уи ала  аполитикатә ҳәатәхаҵамра акт мҩаҧигеит.

Ҵхыбжьон аҭыҧашҟа инеит азинхьчаратә органқәеи Аџьаус аинспекциеи рхаҭарнакцәа.

Зураб Џьаҧариӡе ишиҳәаз ала, ахараҧса ашәара игәы иҭам,  иара адепутаттә мандат ала дыхьчоуп, насгьы абар аркрагьы игәы иҭам.

Акоронавирус апандемиа амшала, Қырҭтәыла аресторанақәеи акаҳуажәырҭақәеи аус руеит аалыҵ анагара асервис мацарала. Жәабран 15 инаркны акрыфаратә обиектқәа зегьы иаарту ақәыҧшылараҿы асасцәа рыдкылара рылшоит.