Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Гогеҭии Ҭамарашении рыбжьара аҭҳәааш ржит
Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Гогеҭии Ҭамарашении рыбжьара аҭҳәааш ржит

Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Гогеҭии Ҭамарашении рыбжьара аҭҳәааш ржит. Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭдара амаҵзураҿы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.

Километрк аура змоу аҭҳәааш ржит Гогеҭии Ҭамарашении ақыҭақәа рыбжьара.

«Иацы хәылбыҽхан аурыс аруаа абраҟа амҿытә ашьаҟақәа шдыргылоз збеит. Абанерқәеи ацклаҧшратә бааши дыргылеит. Ҳәарада, уи ҳара ҳзы шәарҭоуп», — иҳәеит Гогеҭи инхо Емзар Росаӡе.