Венесуелатәи аоппозициа хаҭарнак Леопольдо Лопес Испаниа ацҳаражәҳәара ашҟа диасит
Венесуелатәи аоппозициа хаҭарнак Леопольдо Лопес Испаниа ацҳаражәҳәара ашҟа диасит

Венесуелатәи аоппозициа хаҭарнак Леопольдо Лопес Испаниа ацҳаражәҳәара ашҟа диасит. Ари атәы ааицҳаит Чили Адәныҟатәи аусқәа рминистр Роберто Ампуеро. Ампуеро иҳәамҭала, аҩныҟатәи аҭакра аҿы иҟаз, ибналаз Леопольдо Лопеси иҧшәмеи иареи Каракас иҟоу Чили адипломатиатә усбарҭа аҟынтә Испаниа ацҳаражәҳәара ашҟа ииасит.

Твиттер аҿы Чили Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, ари Лопеси иҧҳәыси рыӡбара акәын.