Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла ивизит иалагеит
Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла ивизит иалагеит

Шәамахьтәыла ахада Армен Сарқисиан Қырҭтәыла ивизит иалагеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы Шәамахьтәыла ахада иҧылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, Қырҭтәыла ахада лумҩаҧгарҭа анапхгаҩы Наҭиа Сулавеи, Шәамахьтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Саҕанелиӡеи.

Шәмахьтәыла ареспублика ахада Армен Сарқисиани Нуне Сарқисиани рҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысуеит мшаҧы 15 рзы,  Орбелианиаа рхан аҿы.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла ахадеи Қырҭтәыла ахадеи ишиашоу аформат аҿы, анеҩс, ирҭбаау аформат аҿы еиҧылоит. Нас, Армен Сарқисиани Саломе Зурабишвилии апрессазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Иара убас, Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы диҧылоит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла ахада ашәамахь кафедралтә ныхабаашҟа днеиуеит.