Саломе Зурабишвилии Иракли Ӷарибашвилии Анзор Ерқомаишвили ипанихидахь инеит
Саломе Зурабишвилии Иракли Ӷарибашвилии Анзор Ерқомаишвили ипанихидахь инеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Анзор Ерқомаишвили ипанихидахь инеит.

Атәылауаҩратә панихидаҿ иара убас иҟоуп апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе, апарламенттә аиҳара алахәылацәеи, “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡеи, аоппозициатә партиақәа рлидерцәеи, аҟазацәеи ауааԥсыреи.

Самеба акафедралтә ныхабаа аҿы амузыкант, афольклорист, ансамбль “Русҭави” ашьаҭаркҩы Анзор Ерқомаишвили итәылауаҩратә панихида мҩаԥысуеит.

Анзон Ерқомаишвили 80 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 31 рзы иԥсҭазаара далҵит. Уи иахьа анышә дарҭоит Мҭаҵминдатәи апантеон аҿы.