Саломе Зурабишьвили – Қырҭтәылатә аҭоурых аҿы раԥхьаӡа, аибашьра ӡхәыс иԥхьаӡоуп, зинла ириашоуп, иазхаҵоуп, уи атәылазы иқәҿиара дууп
Саломе Зурабишьвили – Қырҭтәылатә аҭоурых аҿы раԥхьаӡа, аибашьра ӡхәыс иԥхьаӡоуп, зинла ириашоуп, иазхаҵоуп, уи атәылазы иқәҿиара дууп

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишьвили 2008 шықәсатәи аибашьра аус азы Стасбургтәи аӡбарҭа аднакылаз аӡбамҭа аҭоурыхтә ҵакы амоуп ҳәа илыԥхьаӡоит

Саломе Зурабишьвили Аиустициа аминистри Ҭеа Ҵулукиании иҭабуп  ҳәа ралҳәеит. Қырҭтәыла ахада лажәақәа рыла, ари аус аҿы ралагала дууп.

«Иахьатәи амш асимволтә ҵакы амоуп. Бриуссель иахьа зыҩаӡара ҳараку аимԥыларақәа мҩаԥызгеит. Страсбургтәи аӡбарҭа иахьа абри еиԥш аӡбамҭа ахьаднакылаз аҵак ду амоуп.

Аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны Қырҭтәыла, аибашьра ӡхәыс иԥхьаӡоуп, зинла ириашоуп, иазхаҵоуп, ари атәылазы қәҿиара дууп.

Аиустициа аминистри Ҭеа Ҵулукиании иҭабуп  ҳәа расҳәоит. Ари аус аҿы ралагала дууп. Ари Қырҭтәыла аиааироуп», – илҳәеит Саломе Зурабишьвили.

2008 шықәсатәи еибашьра аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара аднакылеит. Қырҭтәыла аиустициа аминистра аинформациа ала, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа, Урыстәыла 2008 шықәса нанҳәа азы иҟалаз еибашьраан ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аконвенциа акымкуа ахәҭаҷқәа еиланагеит  ҳәа Қырҭтәыла аҳәара иақәшаҳаҭхеит.