Қырҭтәылаҟа ихынҳәыз даҽа 100ҩык амигрантцәа агрантқәа роуеит
Қырҭтәылаҟа ихынҳәыз даҽа 100ҩык амигрантцәа агрантқәа роуеит

Қырҭтәылаҟа ихынҳәыз даҽа 100ҩык амигрантцәа агрантқәа роуеит

Қырҭтәылаҟа ихынҳәыз даҽа 100ҩык амигрантцәа,  ахашәала ахыҵхырҭа аиқәыршәареи аусура алагареи азыҳәан  агрантқәа роуеит.

Ихынҳәыз амигрантцәа ирызку аҳәынҭқарратә программа мҩаҧнагоит Ахҵәацәеи аекомигрантцәеи ахныҟәгаратә хыҵхырҭа аиқәыршәареи рзы агентра.

Агентра адиректор Бесарион Симонишвили ишиҳәаз ала, апрограмма алахәызааразы арзаҳалқәа рыдыркылоит шықәсыкала ҩынтә.

Амигрантцәа ахашәала рызҭаша ахыҵхырҭақәа рыҧшаара иазку апроектқәа инрываргыланы, апрограмма ала иазҧхьагәаҭоуп азанааҭтә аҵара аиуреи, амедицинатә маҵзуреи, аамҭалатәи анхарҭала аиқәыршәареи.