Қарҭ ахада маӡала иҟаҵаз аудионҵамҭақәа рыхцәажәара иҭахымхеит
Қарҭ ахада маӡала иҟаҵаз аудионҵамҭақәа рыхцәажәара иҭахымхеит

«Сара ҧасагьы маӡала иҟаҵаз анҵамҭақәа срылацәажәомызт, уажәгьы сгәы иҭам», — иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе.

Иара ишиҳәаз ала, аполитикатә аиҿагылара аан маӡала иҟаҵаз анҵамҭақәа рыргаматәра ииашам ҳәа иҧхьаӡоит.

«Иааиуа амшқәа рзы иҵегьы аинформациа шәоур ҟалап», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Зыӡбахәы ҳәоу аус азы аусеилыргара алагара иахәҭоума, насгьы, Иракли Ҕарибашвили инапынҵақәа шьҭаиҵома ҳәа ианиазҵаа Калаӡе ишиҳәаз ала, иааиуа амшқәа рзы амедиеи ажәлари иҵегьы аинформациа роуеит.