Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ раԥхьаӡа аҳаирплан Airbus A321neo тәеит
Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ раԥхьаӡа аҳаирплан Airbus A321neo тәеит

Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аусура хацнаркит. Апандемиа иалагеижьҭеи  авиаеилахәыра Wizz Air актәи ареис Варшавантә нагӡан. Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ раԥхьаӡа аҳаирплан Airbus A321neo тәеит.

Лаҵара ианркны авиаеилахәыра Wizz Air Ригеи Дортмунди рахь ареисқәагьы нанагӡоит.

Авиаеилахәыра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ареисқәа рхыԥхьаӡара иацырҵоит аепидҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны.