Нона Гаҧриндашвили  Netflix лаҳаҭыр аларҟәра ахаралҵан, 5 миллион  адоллар акомпенсациа даҳәеит
Нона Гаҧриндашвили  Netflix лаҳаҭыр аларҟәра ахаралҵан, 5 миллион  адоллар акомпенсациа даҳәеит

Алегендартә ақырҭуа ашахматасҩы Нона Гаҧриндашвили Netflix аӡбарҭаҿы дазашшит, — ари атәы аанацҳаит  New York Times.

Ари аус Netflix  амини-сериал  «Акралтә  гамбит» иадҳәалоуп.  Ашшыҧхьыӡ ишану ала,   ателесериал аепизодк аҿы Нона Гаҧриндашвили лкариератә қәҿиарақәа ирызкны ииашам аинформациа аарҧшуп. Лымкаала, ари аепизод аҿы ирҳәоит Нона Гаҧриндашвили  ахацәа ашахматасҩцәа хаангьы дрыцхәмаруамызт ҳәа. Ашшыҧхьыӡ аҿы ишазгәаҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу аепизод аҿы  1968 шықәсатәи ахҭысқәа ирылацәажәоит, усҟан Нона Гаҧриндашвили  50ҩык иреиҳаны ахацәа ашахматасҩцәа дрыцхәмархьан.

Иара убас, ашшыҧхьыӡ аҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп  Netflix Нона Гаҧриндашвили иаҳа лаҳаҭыр шыладырҟәыз лара урыстәылатәи ашахматасҩы лаҳасабала данаадырҧшы.

Нона Гаҧриндашвили лдукатцәа  Netflix аҟынтә 5 миллион адоллар акомпенсациа иаҳәоит.

Netflix иаҿагылоу ашшыҧхьыӡ аҿы Нона Гаҧриндашвили линтереқәа рыхьчоит америкатәи ақырҭуеи аиуристцәа.