Нанҳәа 14 рзы аурыс аруаа закәандарала иааныркалыз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихы дақәиҭуп
Нанҳәа 14 рзы аурыс аруаа закәандарала иааныркалыз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихы дақәиҭуп

Нанҳәа 14 рзы аурыс аруаа закәандарала иааныркалыз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихы дақәиҭуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭдара амаҵзура.

«Қырҭтәыла ацентртә напхгара,  закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихақәиҭтәра азҵаара аформатқәа зегьы рҿы еиҧҟьарада иқәдыргылон, Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми аиҧыларақәеи Женеватәи аиҿцәажәарақәеи раангьы.

Қырҭтәыла ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы рхы иадырхәоит закәандарала  иаанкылоу егьырҭ атәылауаагьы рхақәиҭтәразы», — иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.