Мшаԥы 4-11 рзы аԥсшьарамшқәа рылаҳәоуп
Мшаԥы 4-11 рзы аԥсшьарамшқәа рылаҳәоуп

Аҧыза-министр Иракли Ӷарибашвили инапхгарала иахьа адистанциатә режим ала имҩаԥгаз  Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак еилатәараҿ ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, Қырҭтәыла атериториаҿ мшаԥы 4-11 рзы аԥсшьарамшқәа рылаҳәоуп.

Иара убас Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусуҩцәа адистанциатә режим ахь риасра арекомендациа ҟанаҵеит.

Иацы Аиҳабыра аднакылаз ақәҵара инақәыршәаны, атәылаҿ атәылаҿы амҩаҧгара ҟалом ажәлар рыгәҭа аларҵәара змоу, жәаҩык иреиҳаны ауаа ахьеизо ауснагӡатәқәа, урҭ рыбжьара, ачарақәеи, аиубилеиқәеи, аҧсхәарақәеи, уб. егь. Иар убас иаанхеит асааҭ 21:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵра иазку аԥкра.