Мамука Бахтаӡе Америка ачымазарақәа рхылаҧшреи апревенциеи ацентр  адиректор  диҧылеит
Мамука Бахтаӡе Америка ачымазарақәа рхылаҧшреи апревенциеи ацентр адиректор диҧылеит

 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе Америка ачымазарақәа рхылаҧшреи апревенциеи ацентр (CDC) адиректор Роберт Редфилд диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа агәабзиарахьчареи, ауаажәларратә гәабзиареи, абиомедицинатә ҵарадырра аҿиареи аусхкқәа рҿы Америкеи Қырҭтәылеи русеицура иалацәажәеит.

Аиҧылараҿы ирзааҭгылеит Америка ачымазарақәа рхылаҧшра ацентри ақырҭуа агани русеицура арҭбаара аганахьала иҟоу алшарақәа.

Иара убас, агәабзиара ашәарҭадара азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан агәабзиара аганахьала иҟоу ашәарҭақәа рҽацәыхьчара аус аҿы иаку агәабзиарахьчара аконцепциа аҵакы.

Америка ачымазарақәа рхылаҧшреи апревенциеи ацентр (CDC) адиректор Қарҭ даҭааит аофициалтә визит ала, уи аделегациагьы ицуп. Роберт Редфилд аҭыҧаҿы игәеиҭароуп Қырҭтәылеи CDC-и русеицура иахылҵыз алҵшәақәа.

Қырҭтәыла иҟоу CDC амиссиа аинституциатә аҩаӡараҟны аепидемиақәа иаамҭаны раарҧшреи ари ашәарҭа ақәҿыҭреи иазкуп. Аусура мҩаҧысуеит Ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рминистрреи, Ачымазарақәа рхылаҧшреи ауаажәларратә гәабзиареи амилаҭтә центри рҟны аусеицура ашьаҭа ала. CDC еиқәнаршәоит агәабзиара иадҳәалоу еиуеиҧшым ашәарҭатә факторқәа рыҭҵааратә усура атехникатә цхыраареи ауаҩытәыҩсатә ресурсқәа рырҿиареи.  Қырҭтәыла  CDC аус ауеит  анеҩстәи ахырхарҭақәа рыла: агепатитқәа, агрипп, аресператортә чымазарақәа, атуберкулиоз, анутрициологиа, убас егьырҭгьы.