Македониа ауааԥсыра ареферендум аҿы ирыӡбоит рҳәынҭқарра иахьыӡхо
Македониа ауааԥсыра ареферендум аҿы ирыӡбоит рҳәынҭқарра иахьыӡхо

Македониа имҩаԥысраны иҟоуп азеиԥшмилаҭтә референдум, атәыла ахьӡ ашьақәыргыларазы иҳәеит Аԥыза-министр Зоран Заев.

Македониа ахьӡ акрааҵуеит Бырзентәылеи дареи еимаркуеижьҭеи. 1991 шықәсазы Иугославиа анеилаҳа ашьҭахь ицәырҵит абри апроблема. Бырзентәыла абри ахьӡ аԥсахра аҭахны иҟоуп иара иаԥну абырзен Македониа иахьӡныршьалоит ҳәа иԥхьаӡаны. ЕАР ахь 1993 шықәсазы аҳәынҭқарра анрыдыркылоз Уаанӡатәи иугославиатәи Ареспублика Македониа ҳәоуп ишрыдыркылаз.

Уажәы аӡбра рызрыдымкылар, Бырзентәыла Македониа НАТО алалара иаԥырхагахоит.

Аҳәынҭқарра ахьӡ ҳәа иахьазы хә-вариантк ирыхәаԥшуеит: Ареспублика Македониа Ҿыц, Ареспублика Аҩадатәи Македониа, Ареспублика Нхыҵтәи Македониа, Вардартәи Ареспублика Македониа, Ареспублика Македониа (Скопье).