Иракли Кобахиӡе  - Иацы ҳазынтәгьы даҽазнык иаабеит ажәлар рымчҵәҟьа ахьыҟоу, ҳоппонентцәа ргәы каҳаит, уи алагьы иубарҭоуп ҳакциа ақәҿиара шамаз
Иракли Кобахиӡе  - Иацы ҳазынтәгьы даҽазнык иаабеит ажәлар рымчҵәҟьа ахьыҟоу, ҳоппонентцәа ргәы каҳаит, уи алагьы иубарҭоуп ҳакциа ақәҿиара шамаз

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы»  анапхгаҩы Иракли  Кобахиӡе иацы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Иара иажәақәа рыла, иацы даҽазнык иубарҭахеит  ажәлар рымч ахьыҟоу.

«Иацы ҳазынтәгьы даҽазнык иаабеит ажәлар рымчҵәҟьа ахьыҟоу. Иацы лабҿаба иубарҭан ақырҭуа уаажәларра – европатәи ауаажәларра шакәу,  ҳажәлар ауаҩы иаҳаҭыри,  ахақәиҭреи,  аҭынчреи,  ҳтәыла мышхәыбзазареи азы рхы ишамеигӡо.

Абарҭ апринципқәа роуп  2012 шықәса цәыббра 29 рзы ҳаидызкылаз. Усҟангьы,  ақырҭуа жәлар, Биӡина Иванишвили инапхгарала, ацәгьауратә режим иаҿагылеит. Иацгьы,  Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз ауаа абарҭ апринципқәа рыхьчара ишазыхиоу аадырҧшит.  Урҭ рызынтәгьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳоппонентцәа ргәы каҳаит, уи алагьы иубарҭоуп ҳакциа ақәҿиара шамаз. Абри зегьы, хымҧада, ҳтәыла аиааира  ду ала ихыркәшахоит», — ииҳәеит Иракли Кобахиӡе.