Иракли  Кобахиӡе агәра ганы дыҟоуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» уадаҩрада  43%-тәи абариер ишахысуа
Иракли  Кобахиӡе агәра ганы дыҟоуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» уадаҩрада  43%-тәи абариер ишахысуа

«Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы уадаҩрала абариер ҳахысыр ҳалшоит», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы» уадаҩрада  43%-тәи абариер иахысуеит.

«Ҳара ҳпартниорцәеи аоппозициааи  40%-тәи абариер рыдагалеит, ҵыҧх уи азы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Аха, ишубарҭоу ала, аоппозициаа рацәажәара анагӡаразы, европатәи ҳҩызцәа хәыҷык абариер ашьҭыхра рықәшәеит.  Ҳара ҳзы зегьы дара роуп. Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы уадаҩрала абариер ҳахысыр ҳалшоит», — иҳәеит Кобахиӡе.