Иракли Кобахиӡе -  2024 шықәсанӡа изаамҭаным алхрақәа мҩаҧгахом
Иракли Кобахиӡе -  2024 шықәсанӡа изаамҭаным алхрақәа мҩаҧгахом

2024 шықәсанӡа изаамҭаным алхрақәа мҩаҧгахом , — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла, Шарль Мишель иҟны аиқәшаҳаҭра аҧыхуп, абри аҩыза аиқәшаҳаҭра уаҳа хаангьы рнапы аҵарҩуам.

«Аиқәшаҳаҭра аҧыхуп. Ҳара изныкымкәа ааҳацҳахьеит уаҳа хаангьы абри аҩыза аиқәшаҳаҭра шҳадҳамкыло. Араҟа аамҭала Аконституциа аҳәаақәа ралҵра акәын ҳазлацәажәоз, уаҳа абри аҩыза афакт ҟалом. Ҳара уи азы аҭак ҳаҧхықәуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.