Иракли Ӷарибашвилии аекономикатә гәыԥ алахәылацәеи алогистикатәи аиндустриатәи проектқәа рыхәцәажәеит
Иракли Ӷарибашвилии аекономикатә гәыԥ алахәылацәеи алогистикатәи аиндустриатәи проектқәа рыхәцәажәеит

Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аекономикатә гәыԥ алахәылацәа дырԥылеит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аекономикатә гәыԥ алахәылацәа дырԥылеит.

“Қырҭтәыла аԥыза-министр идҵала, аинвестициатә проектқәа аус рыдулара нагӡоит. Атуристтә проектқәа рышьҭахь, аиҳабыра рнапхгаҩи аекономикатә гәыԥ алахәылацәеи аиԥылараҿ иахьа алогистикатәи аиндустриатәи проектқә ирыхәаԥшит.

Аинвесторцәа ирыдарлагаран иҟоуп атәылаҿ алогистикатә центрқәеи, аспорттә инфраструктуреи, жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы аидаратә терминалқәеи рырҿиара ирызкуапроектқәа. Иара убас аус рыдырулоит аиндустриа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы апроект дуқәа, урҭ иреиуоуп амашьынаргылара, аинтернеттехнологиақәа, уҳәа уб. егь.” – иануп Аиҳабыра радминистрациа аланарҵәаз аинформациа аҿы.