Иракли Ӷарибашвили Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа дырԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа дырԥылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Урыстәыла ампыҵахаларатә мчра ахаҭарнакцәа изакәанымкуа иааныркылаз Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа дырԥылеит.

Аҧыза-министр ипрессмаҵзура аҟантә ишаарыцҳаз ала, Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылара аҿы, Аҧыза-министр Заза Гахелаӡе иҭаацәара  алахәылацәа ирзеиҭаиҳәеит, изакәанымкуа иаанкылоу атәылауаа ихақәиҭтәразы ацентртә напхгара иҟанаҵо ашьаҿақәа рызкны.

Аиҳабыра рхантәаҩы иажәақәа рыла, ацентртә напхгара хаҭарнакцәа  Заза Гахелаӡе зыԥшра ҟамҵакуа ихақәиҭтәразы ирылшо зегь ҟарҵоит, ари азҵаара аполитикатә аҩаӡара ҳарак аҿы иқәдыргылахьеит. Иракли Ӷарибашвили даҽазнык иазгәеиҭеит изакәанымкуа иаанкылоу Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра аҳәынҭқарразы априоритет хада шаанарԥшуа.

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчра хаҭарнакцәа Заза Гахелаӡе изакәанымкуа 2020 шықәса ԥхынгәы 11 рзы дааныркылеит, 2021 шықәса жәабран 5 рзы уи 12 шықәсеи фымзи аҭакра изакәанымкуа иқәырҵеит.