Иракли Ӷарибашвили  - Иахьа ирӡҿыцу Баҭымтәи аҳаирбаӷәаза ааҳартит, Аҷара атуристцәа рыдкыларазы ихиоуп
Иракли Ӷарибашвили  - Иахьа ирӡҿыцу Баҭымтәи аҳаирбаӷәаза ааҳартит, Аҷара атуристцәа рыдкыларазы ихиоуп

Иахьа ирӡҿыцу Баҭымтәи аҳаирбаӷәаза ааҳартит. Ишыжәдыруа ала, еилахәыла TAV 17 миллион доллар иаҟароу аинвестициа ҟанаҵеит,  – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Баҭым аҳаирбаӷәаза ҿыц амоуп.

«Иахьа Израиль аҟынтә ишиашоу аресиқәа иалагеит, хара имгакәа Ҭырқәтәылантәгьы ишиашоу ареисқәа нагӡахоит.  Аҷара атуристцәа рыдкыларазы ихиоуп. Апандемиаан абри еиԥш аинвестициа аҟаҵара аҵак ду амоуп. Аилахәыра иҭабуп ҳәа асҳәоит абри еиԥш апроект азы,» – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили