Иракли Ӷарибашвили иахьа Имереҭи ддәықәлоит
Иракли Ӷарибашвили иахьа Имереҭи ддәықәлоит

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа Имереҭтәи арегион даҭаауеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиҳабыра рнапхгаҩы Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет аҿы ауниверситет иалгаз дырԥылоит.

Афонд “Қарҭу” аинвестициала зырҿиара иаҿу Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет 2020 шықәазы апандемиаан аатын. Алекциақәа ирыԥхьон ақырҭуа ҵарауааи атәымтә профессорцәеи.

Иахьа, Аԥыза-министр аолимпиатә стандартқәа ирышьашәалахо Қәҭешьтәи аӡҭачи ахыбреи рыргылара алагара ацеремониа ихы алаирхуеит.

Иара убас, Иракли Ӷарибашвили Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазаҿ атерминал ҿы́ц ааиртуеит.