Иракли Ӷарибашвили  - Иахьа амарш имҩаԥгатәым ҳәа сгәы иаанагоит
Иракли Ӷарибашвили - Иахьа амарш имҩаԥгатәым ҳәа сгәы иаанагоит

Иахьа амарш имҩаԥгатәым ҳәа сгәы иаанагоит, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьатәи Аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, иахьа имҩаԥысран иҟоу акциа атәылауаҩратә аиҿагылара ахылҵыр ҟалоит, ауааԥсыреи рыбжеиҳара рзы ари акциа амҩаԥгара иаҿагылоит.

“Ҳтәыла атәылауаа зегьы рзинқәа хьчоуп. Ҳтәылауаа иарбанзаалак адыргала иалаҳкаауам. Ари азы иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит. Иҳадаҳкылеит антидискриминациатә закәан. Сара сыԥшьгарала аконституциаҿ ахаҵеиԥҳәыси реибагара адефинициа иҭаҩын. Ари ҳгәыԥ “Ақырҭуа гәахәтәы” аԥшьгарала мҩаԥган. Иахьа амарш имҩаԥгатәым ҳәа сгәы иаанагоит.

Ҳтәыла аҭоурых ду амоуп. Ҳтоурых аҿы ауаҩы идискриминациа ахаан аҭыԥ амамызт, иахьагьы апротест ҟазҵо, рхатә гәаанагара аазырԥшуа ауаа ари азин рымоуп, аха  иахьа имҩаԥысран иҟоу акциа атәылауаҩратә аиҿагылара ахылҵыр ҟалоит, ауааԥсыреи рыбжеиҳара рзы ари акциа амҩаԥгара иаҿагылоит,” – иҳәеит  Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.