Иахьа, асааҭ 23:00 инаркны ҵхыбжьон аиҭаҵразы иҟоу аԥкра аԥыххоит
Иахьа, асааҭ 23:00 инаркны ҵхыбжьон аиҭаҵразы иҟоу аԥкра аԥыххоит

Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак аӡбара инақәыршәаны, иахьа, асааҭ 23:00 инаркны ҵхыбжьон аиҭаҵразы иҟоу аԥкра аԥыххоит.

Рашәара 22 рзы Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак аднакылаз аӡбара ала, асааҭ 23:00 инаркны асааҭ 04:00-нӡа аиҭаҵразы ишьақәгылаз аԥкра аԥыххоит.

Амобилра армаҷразы аԥкра шьақәгылан 2020 шықәса абҵара 28 инаркны. Асааҭ 21:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵра ҟаломызт шьапылеи атранспорти рыла. 2021 шықәса рашәара 1 инаркны аиҭаҵра ҟаломызт асааҭ 23:00 инаркны асааҭ 04:00-нӡа.