Иԥсҭазаара далҵит Ҭамаз Тҟемалаӡе
Иԥсҭазаара далҵит Ҭамаз Тҟемалаӡе

Иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа апублицист, афилолог, ажурналист Ҭамаз Тҟемалаӡе.

Ҭамаз Тҟемалаӡе диит 1949 шықәса ԥхынгәы 28 рзы Лелиани ақыҭаҿ. Далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә фаультет. Ателерадиокомитет аҿы арадио дырраҭарақәа рредакторс, алитературатә дырраҭарақәа рыҟәша аиҳабыс, ателехәаԥшра алитературатә ҟазара аредакциа хада аредактор хадас аус иуан.

2019 шықәсазы Ҭамаз Тҟемалаӡе ақырҭуа телехәаԥшра аҿиараҿы алагала ду азы Ахьӡ-аԥша аорден ианашьан.