Гоча Лорҭқиԥаниӡе Гаагатәи аӡбарҭа аӡбаҩс далырхит
Гоча Лорҭқиԥаниӡе Гаагатәи аӡбарҭа аӡбаҩс далырхит

Гоча Лорҭқиԥаниӡе Ашьауӷа зин азы жәларбжьаратәи аӡбарҭа аӡбаҩс далырхит.

Аинформациа Гаагатәи аӡбарҭа авебдаҟьа ианылеит.

Ԥхынҷкәын 18 рзы Қырҭтәыла Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Гьаргь Гахариа апарламент адигалеит аиҳабыра реилазаара. Аиҳабыра реилазаараҿы аҧсахра заҵәык ҟалеит  —  аиустициа аминистр иҭыҧ азы кандидатс дықәдыргылеит Гоча Лорҭқиҧаниӡе.

Гоча Лорҭқиҧаниӡе 2013 шықәса инаркны Қырҭтәыла Аиустициа аминистр лхаҭыԥуаҩс аус иуан. 1991-2005 шш. рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ аус иуан, Қырҭтәыла Аԥыза-министр ибжьагаҩс дыҟан, 2007-2010 шш. рзы Колумбиатәи ауниверситет аҿы  аҭҵааҩс аус иуан, 2010-2013 шш. рзы Колумбиатәи ауниверситет аҿы адиункт-профессорс дыҟан.