Гьаргь Шермадини  -  2020 шықәсатәи Испаниа ачемпионат аҿы иреиҕьу хәмарҩуп  (авидео)

Гьаргь Шермадини  –  2020 шықәсатәи Испаниа ачемпионат аҿы иреиҕьу хәмарҩуп  (авидео)

 

Испаниа ачемпионат аофициалтә саит аҿы   2020 шықәса аихшьаала азуны, Гьаргь Шермадини асезон иреҕьу ахәмарҩыс далырхит.

«2020 шықәсатәи акрал » —  абас ауп асаит  ACB.COM  аҿы  Гьаргь Шармадини ишихцәажәо.

31 шықәса зхыҵуа Шармадини аклуб  «Тенерифе» аҿы аҩбатәи асезон мҩаҧигеит. Сынтәа иара   17 матчқәа мҩаҧигеит.

Гьаргь Шармадини ианашьоу аҳырҳагара акоеффициент  22,7 иаҟароуп, уи алигаҿы иреиҕьу арбагоуп.