Давиҭ Гареџьи азҵаара иадҳәаланы, Илиа аҩбатәи  Қырҭтәыла ашеих Рамин Игидови Мрагыларатә Қырҭтәыла амуфҭ Иасин Алиеви идикылеит
Давиҭ Гареџьи азҵаара иадҳәаланы, Илиа аҩбатәи Қырҭтәыла ашеих Рамин Игидови Мрагыларатә Қырҭтәыла амуфҭ Иасин Алиеви идикылеит

Давиҭ Гареџьи азҵаара иадҳәаланы, Илиа аҩбатәи Қырҭтәыла ашеих Рамин Игидови Мрагыларатә Қырҭтәыла амуфҭ Иасин Алиеви идикылеит. Апатриархиаҿы имҩаҧысыз аиҧылара иазку аинформациа ианаларҵәеит Қырҭтәыла апатриархиа.

„Давиҭ Гареџьи азҵаара иадҳәаланы,  Қырҭтәыла апатриарх Илиа аҩбатәи адоуҳатә хаҿқәеи  Қырҭтәыла ашеих Рамин Игидови Мрагыларатә Қырҭтәыла амуфҭ Иасин Алиеви рыдыркылеит.  Асасцәа ишазгәарҭаз ала,  Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама алагала ду ҟанаҵеит  ашәышықәса рыҩнуҵҟала ҭынч ҳаицынхараҿы“, – иануп апатриархиа аҳәамҭаҿы.

Апатриархиа адыррақәа рыла, Қырҭтәыла апатриарх даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит асасцәа пату шрықәиҵо. Иара ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу азҵаара ҭынч, иашаны иӡбахап ҳәа дгәыҕуеит.