Ахатәы бызшәа амш инамаданы Актәи аканал ажурналист Рамилиа Алиева аҳамҭа ланашьан
Ахатәы бызшәа амш инамаданы Актәи аканал ажурналист Рамилиа Алиева аҳамҭа ланашьан

Иалукааша алитературатә бызшәала ацәажәаразы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ахьӡала  Актәи аканал агәыԥ “Ахкырацәаратә Қырҭтәыла” анапхгаҩы Рамилиа Алиева ахьтәы медал ланашьан.

Ажурналист аҳамҭа ланашьан Ахатәы бызшәа амш инамаданы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы.

Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Ахатәы бызшәа амш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы ақыртуа бызшәа арҵареи аларҵәареи аус аҿы алагалазы аҳамҭақәа ранашьан Қырҭтәыла аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рхаҭарнакцәа – Германтәылеи, Лиетувеи, Британиа Дуи, Италиеи Австриеи рыцҳаражәҳәаҩцәа.

Ауснагӡатә ихы алаирхәит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аректор Гьаргь Шервашиӡе, Абызшәа аҳәынҭқарратә департамент анапхгаҩы Гьаргь Алибегашвили, Қырҭтәыла аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рхаҭарнакцәа, апрофессорцәеи астудентцәеи.