Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара уажәтәи ахантәаҩы Анн Линде Қырҭтәыла даҭааит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара уажәтәи ахантәаҩы Анн Линде Қырҭтәыла даҭааит

 

Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара уажәтәи ахантәаҩы Анн Линде аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, швециатәи адипломат Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани диҧылоит.  Аганқәа рхаҭарнакцәа жәларбжьаратәи аусеицура иалацәажәоит.

Иара убас, Анн Линде, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи, аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи дырҧылоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Анне Линде  ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәаны иҟоу Хурвалеҭи ақыҭаӡҟа днеиуеит.