Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Бадри Есебуа иашьа иаанкылара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Бадри Есебуа иашьа иаанкылара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит

Аполициа хаҭарнакцәа ахымцеи, аџьаԥҳани, аԥжәага маҭәашьари аԥжәагақәеи раахәара-рыҵәахразы  ҩыџьа ааныркылеит. Урҭ рҟынтә аӡәы иоуп Жәыргьыҭ «Қырҭтәыла абанк» иақәлаз Бадри Есебуа иашьа, Биӡина Есебуа.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, ацәгьауразы урҭ 4 шықәса инаркны 7 шықәсанӡа аҭакра рықәырҵар ҟалап.

Бадри Есебуа Жәыргьыҭ «Қырҭтәыла абанк» арҳәреи, ауааԥсыра рытҟәареи рзы гәҩарас ирымоуп. Ашасцәа рхақәиҭтәразы уи 500 нызқь лари иоуит. Бадри Есебуа дахьыҟоу идырым, уи иԥшаара иаҿуп.