Атуризм азы амилаҭтә администрациа аапхьарала, атәыла иаҭааит  британиатәи ажурналистцәа
Атуризм азы амилаҭтә администрациа аапхьарала, атәыла иаҭааит британиатәи ажурналистцәа

Атуристцәа рхыԥхьаӡара азҳара адгыларазы, Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәантәалоу аҿиареи рминистра иаҵанакуа Атуризм азы амилаҭтә администрациа аапхьарала, атәыла иаҭааит британиатәи аҭыжьымҭа Calvert Journal ажурналистцәа.

Calvert Journal ахаҭарнакцәа Ҭушҭи иаҭаан, Омалои, Боҷорнеи, Шенақои, Диклои егьырҭ атуристцәа рзы аинтерес змоу аҭыԥқәа гәарҭеит. Атур аҳәаақәа ирҭагӡаны, британиатәи ажурналистцәа Ҭушеҭи акультуреи, атрадициақәеи, ачысҵәа рыҟаҵареи ирызку адыррақәа роуит

Британиатәи ажурналистцәа руаӡәы, Надиа Берд лажәақәа рыла, Қырҭтәыла атерриториаҿ аныҟәарақәа рацәаны мҩаԥылгоит.