The Guardian аҿы Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭа иазкны астатиа кьыԥхьит
The Guardian аҿы Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭа иазкны астатиа кьыԥхьит

Еицырдыруа британиатәи аҭыжьымҭа The Guardian аҿы Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭа иазкны астатиа кьыԥхьит.

Британиатәи ажурналист Надиа Берди афотограф Томер Ифреи Қырҭтәыла хымз раԥхьа Аекономикеи иҭышәынтәылоу аҿиареи рминистрра иаҵанакуа Атуризм администрациа ааԥхьарала Қырҭтәыла иаҭааит. Апресстур ашьҭахь ажурналистцәа Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭа иазку астатиа ду ирҩит.

The Guardian ажурнаилст лстатиаҿ аԥхьаҩцәа ирыдалгалеит астатиа “Атуризм Омалои Қырҭтәылаҿ ирхашҭыз Ихсании рҿы”, астатиаҿ автор Ҭушеҭи иԥшӡоу ақыҭақәа, ажәлар, аҭыԥантәи нхашьа-бзазашьа иазкны ирзеиҭалҳәоит.