«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе асенаторцәа Джин Шаҳини Рон Джонсони дырҧылеит
«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе асенаторцәа Джин Шаҳини Рон Джонсони дырҧылеит

 

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Америка ивизит наигӡоит.

Анапхгаратә партиа ахатәаҩи, апартиа жәларбжьаратәи амаӡаныҟәгаҩ  Каха Кучавеи, апарламенттә фракциа ахантәаҩы  ихаҭыҧуаҩ Иракли Чиқовании асенаторцәа Джин Шаҳинии Рон Джонсони ирҧылеит.

Ираклий Кобахиӡе асенаторцәа инарҭбаау аинформациа риҭеит Қырҭтәыла имҩаҧысуа аполитикатә процессқәа ирызкны, нас, абарҭ азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәеи рыбжьагарақәеи дазыӡырҩит. Адиалог азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азун.

Жәларбжьаратәи апартниорцәа ишырҳәаз ала, аоппозициаа апарламент иалалароуп, анапхгаратә гәыҧ ареформақәа рымҩаҧгаразы аҭагылазаашьақәа еиқәдыршәароуп.

Ақырҭуа делегациа Америка рвизит хыркәшахоит мшаҧы  16 рзы.