Апатриархиа Қьырса аныҳәа иадҳәаланы аинформациа аланарҵәеит
Апатриархиа Қьырса аныҳәа иадҳәаланы аинформациа аланарҵәеит

«Қьырса — ақьырсиантә дунеи аҿы аныҳәа хадоуп.  Қырҭтәыла Апатриарх иныҳәарала, есышықәса, ажьырныҳәа  7 рзы Қырҭтәыла зехьынџьара адоуҳатә хаҿқәеи  баша атәылауааи аҳамҭақәа еизганы, ахәыҷтәы ҩнқәеи, аҭаҳмадацәа рыҩнқәеи, абахҭақәеи рахь инаргоит.

Сынтәа, ажьырныҳәа  7 рзы, аныҳәатә литургиа анеҩс, ишаҧу ала, аҳамҭақәа еизганы, еиқәыҧхьаӡоу аусбарҭақәа ирызнаргоит. Изҭаху ауаа зегьы аҳамҭақәа ааргар рылшоит Ареспублика ашҭашҟа, ажьырныҳәа  7 рзы, асааҭ  12:00 инаркны  16:00нӡа. Иара убас, аҳамҭақәа ааншәыжьыр шәылшоит Самеба аныхабааҿы иҟоу Аҿартә центр аҿгьы», — иануп Апатриархиа аҳәамҭаҿы.