Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы" ахаҭарнакцәа маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа ирызку аусеилыргараҿы жәлар рыхьчаҩи жәларбжьаратәи акспертцәеи рылахәызаара иаҳәоит
Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы" ахаҭарнакцәа маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа ирызку аусеилыргараҿы жәлар рыхьчаҩи жәларбжьаратәи акспертцәеи рылахәызаара иаҳәоит

Апартиа «Қырҭтәыла адгыларазы» алахәыла Беқа Лилуашвили ишиҳәаз ала, маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа раларҵәара иадҳәаланы ирласӡаны аобиективтә усеилырара мҩаҧгатәуп.

Иахьатәи абрифинг аҿы Лилуашвили АИХ ахаҭарнакцәа дрыҳәеит хазхаҭалатәи аинформациа аларҵәара иаҟәыҵырц.

Иара убас,  Беқа Лилуашвили ишиҳәаз ала, аусеилыргара апроцесс хымҧада иалахәызароуп жәлар рыхьчаҩи жәларбжьаратәи аекспертцәеи.

«Арҭ аматериалқәа  ииашоу иашаму акәӡам ҳазлацәажәо, абарҭ ахҭысқәа атәыла иаҧырхагоуп. Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» рықәҿирақәа рзгьы рыгхақәа рзгьы аҭак ҳаҧхықәуп ҳәа, избанзар ҳмандат аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареформақәа рымҩаҧгаразы иахәҭоу ашьаҭа аҧҵара ҳалымшеит.  Абри аҩыза аметодқәа рыла аполитикатә ахьырхәра аҭара аҵыхәа ҧҵәатәуп», — иҳәеит Лилуашвили.