Анатоли Бибилов -  Хара имгакәа Аахыҵ Уаҧстәыла  Урыстәыла алаларазы аиуристтә шьаҿақәа ҟанаҵоит
Анатоли Бибилов -  Хара имгакәа Аахыҵ Уаҧстәыла  Урыстәыла алаларазы аиуристтә шьаҿақәа ҟанаҵоит

Импыҵахалоу Аахыҵ Уаҧстәыла дефакто алидер  Анатоли Бибилов иҳәамҭала,   «хара имгакәа Аахыҵ Уаҧстәыла  Урыстәыла алаларазы аиуристтә шьаҿақәа ҟанаҵоит».

Ари аинформациа аладырҵәеит импыҵахалоу арегион амедиахархәагақәа.

«Урыстәыла алалара  — ҳстратегиатә хықәкуп, ҳажәлар ргәазыҳәароуп ҳәа сгәы иаанагоит, ҳара ари амҩа ҳануп. Хара имгакәа, Урыстәыла алаларазы иаҭаху аиуристтә шьаҿақәа рыҟаҵара ҳалагоит. Аахыҵ Уаҧстәылатәи ареспублика ахатә ҭоурыхтә аҧсадгьыл  — Урыстәыла хәҭакны иҟалоит», — иануп Бибилов иҳәамҭаҿы.