Амилаҭтә банк – Ҧхынҷкәын азы Қырҭтәылаҟа аҧара аиагара ахыҧхьаӡара иазҳаит  15,9 %-ла
Амилаҭтә банк – Ҧхынҷкәын азы Қырҭтәылаҟа аҧара аиагара ахыҧхьаӡара иазҳаит  15,9 %-ла

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк адыррақәа рыла,  2020 шықәса ҧхынҷкәын азы Қырҭтәылаҟа иаашьҭын  199,7 миллион адоллар  (656,2 миллион  лари),  абри арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс  15,9 %-ла еиҳауп.

Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, аҧара ахьынтәаарышьҭуа атәылақәа рыбжьара аҧхьагылара амоуп Урыстәыла. Ҵыҧх,  зегьы реиҳа ирацәаны аҧара  — 40,71 миллион адоллар  Қырҭтәылаҟа иаашьҭын Урыстәылантә. Аҩбатәи аҭыҧ аҿы игылоуп  Италиа — 31,82 млн. адоллар,  уи иашьҭагылоуп Бырзентәыла — 22,42 млн. адоллар, аҧшьбатәи аҭыҧ аҿы игылоуп Америка  — 22,31 млн. адоллар.