АИХ ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла апарламент ахыбрашҟа рынашьҭра иаҳәоит
АИХ ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла апарламент ахыбрашҟа рынашьҭра иаҳәоит

Қырҭтәыла апарламент ахыбра аҧхьа АИХ ахаҭарнакцәа еизеит.

Дара, ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы апарламент аҿы иззыӡырҩуа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр азҵаарақәа ирҭарц азыҳәан, апарламент ахыбра иҩналар рҭахуп.

Иахьа апарламент аҿы Вахтанг Гомелаури изыӡырҩуеит. Адепутатцәа аминистр иҧхьеит ҧхынгәы  5-8 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы.

Апарламент акәша-мыкәша азинхьчаҩцәа игылоуп.

Иахьа шьыжьымҭан апарламент аҳәамҭа аланарҵәеит ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа рырҕәҕәара иазкны.

Аҳәамҭа инақәыршәаны, апарламент ахыбрашҟа АИХ ахаҭарнакцәа нарышьҭуеит абжьааҧнытә режим ала, анашьҭыгақәа рыла,  заанаҵы иззеиқәшаҳаҭхаз аҭыхратә гәыҧқәа рхыҧхьаӡара инақәыршәаны.